Германиа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рымҩаԥгара аҭахым

Збизнес Урыстәыла иахьаҵанакуа имҩаԥызго, Германиатәи ааглыхратә зауадқәа Siemens, Daimler, Volkswagen ирҭахым Москвеи Вашингтони реизыҟазаашьа иахҟьаны ацәыӡқәа роура.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 — Sputnik. Германиа аиҳабыра иргәиҭоуп Америка аҳәара арҭарц абарҭ аилахәырақәа асанкциақәа ирыҵанармыркырц азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа The Wall Street Journal адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аконгрессмен далацәажәеит Урыстәыла асанкциақәа ақәхра шалыршахо атәы

Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла Германиа афинансқәа рминистр Олаф Шольц Вашингтон иҟазаараан игәҭакуп Урыстәыла аус зуа анемец бизнес азы азҵаара еиҳа идырԥсыҽырц. Уи адагьы Германиа аканцлер Ангела Меркель Америка ахада Дональд Трамп мшаԥымза анҵәамҭазы иԥылараан диҳәарц лыгәҭакуп иара абри аус аганахь ала.

Анаплакыҩцәа рнапхгаҩцәа ргәаанагарақәа рыла асанкциақәа Германиа шә-миллион евро рҟынӡа ирызтәоит.

Мшаԥымза алагамҭазтәи асанкциақәа ирыҵаркит: Олег Дерипаска (En+ Group, "Группа ГАЗ", "Базовый элемент", "Русал"), Виктор Вексельберг ("Ренова"), Кирилл Шамалов, Сулеиман Керимов, Алексеи Миллер ("Газпром"), Андреи Костин (ВТБ).