Џьинџьиа: аалыҵ аҳәаа ахыгаразы ԥкыра ыҟам

Мшаԥы 2 2018 шықәса инаркны амармалташь пты аламырҵәаразы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аиагара аанкылан. Мчыбжьык ааҵуаны, имҩаԥгаз аусурақәа ирылҵшәаны ари аԥкыра аԥыхын.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19– Sputnik. Иахьатәи аамҭазы аалыҵ аҳәаа ахыгараҿы иарбанызаалак ԥкырак ыҟаны иҟам иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Аркади Џьинџьиа.

"Россельхознадзор атауар аиагара азин аныҟанаҵа ашьҭахь аалыҵ аҳәаа ахыгара иаабац арежим ала ишьақәгылеит. Уаанӡеиԥш уажәгьы Россельхознадзор аусзуҩцәа абри ауснагӡатә иалахәуп", — иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит атауар шьҭахьҟа архынҳәра аҭыԥ шамоуц.

Џьинџьиа иазгәеиҭеит Аԥсны арԥхаратә комплексқәа рҟны амармалташь пты аганахь ала проблема шыҟам, акарантинтә усзуҩцәа аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа шҭырҵаауа.

Россельхознадзор мшаԥы 2 2018 шықәса инаркны амармалташь пты аламырҵәаразы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩатә аалыҵ аиагара ааннакылеит. Мчыбжьык ааҵуаны, имҩаԥгаз аусурақәа ирылҵшәаны ари аԥкыра аԥыхын.