Польша алахьеиқәҵаратә митингқәа мҩаԥысит

Польша аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуеит варшаватәи агетто аҟны ақәгылара 75-шықәса ахыҵра иазку алахьеиқәратә уснагӡатәқәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19— Sputnik. Польша аҳҭнықалақь Варшавеи егьырҭ ақалақьқәеи рҿы имҩаԥысуеит варшаватәи агетто аҟны ақәгылара 75-шықәса ахыҵра иазку алахьеиқәратә уснагӡатәқәа ҳәа аанцҳауеит РИА Новости.

Варшаватәи гетто германиатәи анацистцәа еиҿыркааз агеттоқәа зегь раасҭа идуун. Аҩбатәи адунеитә еибашьраан уа иҭакын 500 000-ҩык рҟынӡа атҟәацәа.

Аветеран Родович: знык ҳазхара ыфаны ҳаԥсыр акәын иаҳҭахыз

1942 шықәса, аԥхынраз Гитлер идгылаҩцәа агетто иҭакых шамахамзар зегьы ндырҵәеит, 1943 шықәса мшаԥымзазы уа иаанханы иҟаз 60 000-ҩык роуп.

Мшаԥы 19 рзы агетто атҟәацәа ргәыԥк ирыӡбеит аесесовеццәа ирыжәларц. Атҟәацәа рықәгылара ҳәарада ишьаҽын.

Абри арыцхә иазку аофициалтә уснагӡатәқәа мҩаԥгахоит Варшавеи егьырҭ Польша ақалақьқәеи рҟны. Урҭ рхы рыладырхәуеит атәыла Аԥыза-министр Матеуш Моравецкии атәыла Ахада Анджеи Дудеи.

Арахь иааиуеит аурым еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә мчреи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭареи рхаҭарнакцәа, адипломатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Варшава амҩадуқәа рҟны аволонтерцәа иршоит анарцисс ҩежьқәеи, ф-кәакьҭак змоу аеҵәа ҩежьқәеи, агетто аҿы ақәгылара иагәаларшәаганы.