Гәылиа: аԥышәа рымаадоит, ҳаиныруеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра аделегациа алахәуп 2018 шықәса мшаԥы 19-20 рзы имҩаԥысуа IV Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра аделегациа IV Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура алахәра аԥышәа аимдареи еиуеиԥшым аиныррақәа рышьақәыргылареи ирзырхоуп иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәылиа.

"Ҟрыми Аԥсни аиԥшызаарақәа рымоуп, аполитика аганахьала аума, агеографиатә ҭагылазаашьа аганахьала аума. Раԥхьа иргыланы аиԥшызаарақәа рымоуп атуризм аусхк аҿы. Аԥсны аинтерес амоуп Ҟрым аԥышәа амдара. Афорум аҳәаа иҭагӡаны ишьақәыргылахоит аусутә еимадарақәа", — иҳәеит Гәылиа.

Барцыц: Аԥсны аекономикатә усуреи анапхгаратә принципқәеи аиҭакрақәа рҭахуп

Заур Гәылиа иҳәеит аԥснытәи аделегациа ареспубликаз аинтерес зманы ирыԥхьаӡо аҭыԥқәа ишырҭаауа.

"Раԥхьа иргыланы аекономикатә плошьчадкақәа ирҭаауеит. Ҳара уажәы ҳазхәыцуеит ҳекономика аҿиашьа амодель ҿыцқәа. Ацифратә технологиақәа рхархәарагьы абрахь иналаҵаны. Убри азы ари атема ҳара ҳзы актуалра амоуп", — иҳәеит аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәылиа.

Гәылиа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абара>>

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра аделегациа алахәуп 2018 шықәса мшаԥы 19-20 рзы имҩаԥысуа IV Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура. Афорум иалахәуп 3000-ҩык рҟынӡа ауаа, Урыстәыла арегионқәеи адунеи атәылақәа 60 рҟынтәи. Аԥсны ахьӡала афорум иалахәуп Аекономика аминистрра аделегациа.