Аиба Иалтатәи афорум иазкны: Ҟрым аекономика аҿиаразы аԥынгылақәа рацәоуп
© Sputnik
"Ирацәоуп Ҟрым аекономика аҿиаразы иҟоу аԥынгылақәа, урҭ ҳара лабҿаба иаабеит. Жәларбжьаратәи абизнес уаа макьана иацәшәоит аинвестициақәа ралагалара. Уи зыхҟьоугьы асанкциақәа роуп. Жәларбжьаратәи афирма дуқәа макьана Ҟрым ахь рхы аадырҳәырц рҭахым. Убри атемала ирацәоуп аиҿцәажәарақәа. Ирацәаҩуп Аԥсны иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа атәы ззымдыруа", — иҳәеит Аиба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.