Арадио

Аҟалӷьба аԥсшьаҩы Аԥсныҟа иаара иазкны: ауадаҩрақәа аҳәааҿы ирылагоит

Ирацәаҩуп аԥсшьаҩцәа аҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа згәамԥхо, уи иаргәамҵуа иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы атурфирма анапхгаҩы Асҭамыр Аҟалӷьба.
Sputnik
Аҟалӷьба аԥсшьаҩы Аԥсныҟа иаара иазкны: ауадаҩрақәа аҳәааҿы ирылагоит

"Ҳара излаҳалшо ала асоциалтә ҳақәа рахь адырра ҟаҳҵоит ҳтурфирма аус шауа, знык иааны ицахьо игәаԥхазар, егьырҭгьы адырра рыиҭоит. Аха дара зегьы агәынамӡара аадырԥшуеит аҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьазы. Ауаарацәареи уи иахылҿиааиуа ауадаҩрақәеи иаргәамҵуа рхыԥхьаӡара маҷым.  
Асасдкылара иахьа хәыҷык иҳацәмаҷхеит, уҭаацәа рҿы еиԥш асас иҿаԥхьагьы ишахәҭоу ухы мҩаԥыугароуп. Уԥсадгьыл уахьынхо аҭоурых раумҳәар, даргьы рхымҩаԥгашьа иашахаӡом. Ишахәҭәоу еиԥш уҭоурых узымдыруазар, усысдкылара ҽеимзар,  зынӡаск аԥсшьаҩы иааигәара умнеин", — иазгәеиҭеит Аҟалӷьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.