Акьыбачымазара азыԥхьагәазҭо ататуировка рхәыцит аҵарауаа

Акьыбачымазара алагамҭа азыԥхьагәазҭо ататуировка рхәыцит аҵарауаа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 — Sputnik. Акьыбачымазара алагамҭа азыԥхьагәазҭо ататуировка рхәыцит аҵарауаа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аҭыжьымҭа Sсience Translational Medicine адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ататуировка ауаҩы ицәа иананылалак, ацәа иалоу акьыбачымазара-хыцқәа рыҟазаара аннарԥшуеит.

Ауаҩы ицәеижь аҿы аԥсахрақәа рыҟазаараан ататуировка аԥшшәхәы зыԥсахуа амелонин-пигмент аҿиара аиуеит.

Аҵарауаа ари аҭҵаара аԥхьа аҳәынаԥқәа рҟны игәарҭеит: аексперементтә татуировка рзыҟаҵаны акьыбачымазара рцәеижь иаларҵеит.аиндикатор аԥшшәхәы аԥсахит.

Иара убри аан аҵарауаа иазгәарҭеит ари аметод инеиԥынкыланы акьыбачымазара ахкқәа зегьы раан аус шазымуа.