Арадио

Ԥиԥиа Аԥсны амаланыҟәатә спорт аҿиара иазкны: ачемпионцәа ҳааӡар ҳалшоит

Аԥсны амаланыҟәазы Афедерациа ахада Вахтанг Ԥиԥиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы ари аспорт хкы аҿиара аиурц шалшо.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа ": Ԥипиа Аԥсны амаланыҟәатә спорт аҿиара иазкны

"Аԥсны амаланыҟәатә спорт аизҳара аиуртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Ҳара ҳашьцылеит атуристцәа ԥсшьаҩцәак раҳасабала ҳтәылахь радыԥхьалара, аха уи адагьы Аԥсны аҿиара бзиа аиур алшоит аспорттә туризмгьы. Убри аиҳаракгьы иаларҵәатәуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Амаланыҟәа аспорт хкы ҳтәылаҿы 300 мшы уҽазыҟауҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Иахьа еиуеиԥшым аспорт хкқәа рҿы аихьӡара бзиақәа ҳамоуп, ишақәнагоу аус ҳур- амаланыҟәазы ачемпионцәа ҳауеит", — иҳәеит Ԥиԥиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.