G7 атәылақәа асанкциақәа ҳарӷәӷәоит ҳәа Урыстәыла адырра арҭеит

"Большая семерка" Урыстәыла ахара адырҵеит адунеи аҟны аҭагылазаашьа ахьҭышәынтәалам азы. Иара убри аан G7 атәылақәа ирҳәеит арегионалтә кризисқәа рганахь ала аусеицура ишазыхиоу.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 24— Sputnik. G7 атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистррақәа рхадацәа Торонтотәи реиԥылара ашьҭахь аҳәамҭа ҟарҵеит Донбасс инадҳәаланы Урыстәыла асанкциақәа адҟаҵалара рырӷәӷәара шрыгәҭаку. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Донбасс иадҳәалоу асанкциақәа ирыцҵахоит Урыстәыла минсктәи аиқәышаҳаҭрақәа ахьынӡанамыгӡо. Асанкциақәа аԥыххоит абри аус аҿы Урыстәыла ахыдҵақәа зегьы рынагӡара иаҵагылар", — ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Урыстәылеи мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьақәа уадаҩхеит украинатәи акризиси Ҟрым Урыстәыла азыхынҳәреи инарымаданы.

Мраҭашәара Урыстәыла ахара аднаҵеит Украина аҩныҵҟатәи аусқәа ахы рыланагалоит ҳәа, асанкциақәагьы аларгалеит. Москва акәзар ахара ахахьы иагом, Украина апролитикатәи аекономикатәи кризис аҭышәынтәалара адгылара аҳҭоит ҳәа азгәанаҭоит.