Москва ааигәа иӡырган аԥсуа поетцәа еиҭагоу ражәеинраалақәа еидызкыло аизга «Сухумская крепость». Уи иагәылалеит зеижәҩык аԥсуа поетцәа раԥҵамҭақәа. Ус еиԥш ашәҟәы аҭыжьра ахшыҩҵак рызцәырҵит иагьалдыршеит Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла Жәларбжьаратәи реилазаара. Аизга "Сухумская крепость" нашьҭуп Урыстәыла абиблиотека дуқәа рахь.
"Иахьазы иҳамоу ауадаҩрақәа ируакуп аиҭагара азҵаара. Урысшәала аизга аҭыжьразы ирласны ирҭахын ажәеинраалақәа. Аиҭагара аус иадгылаӡомызт, ҳара еиҭаҳгар акәын. Аиҭага змамыз ҳпоетцәа аӡәык-ҩыџьак иаламшәаз ҟалеит. Аиҭага иара ахатә кәамаҵама амоуп. Раԥхьа иргыланы цәаҳәа-цәаҳәала еиҭагатәуп. Уи еиҭазгаша аԥсуаа роуп. Нас уи азанааҭ знапы иану аиҭагаҩ иуҭароуп. Ҳара уи ҳазхиаӡам, ажәеинраалақәа цәаҳәа-цәаҳәала еиҭазго Аԥсны даараӡа имаҷуп аӡәы —ҩыџьа. Ари аус аԥхьаҟа даара изхаҵгылатәу акоуп, уи ус шакәыз ҳнарбеит Москва урысшәала иҭыжьыз аԥсуа поетцәа реизга", — ҳәа азгәеиҭеит Вахтанг Аԥҳазоу.