Арадио

Аламиа Ачерқьес бираҟ амшныҳәа иазкны: ҳаиднакылоит

Аԥсны, мшаԥы 25 рзы иазгәарҭоит Ачерқьес бираҟ амшныҳәа. Ари амш аԥсуа жәлар зегьы рныҳәа ауп иҳәеит апоет Геннади Аламиа Sputnik Аԥсны акорреспондент данлыҿцәажәоз.
Sputnik
Аламиа Адыга бираҟ амш ныҳәа иазкны: ҳаиднакылоит

"Ари амш ҳара зегьы ҳныҳәа ауп. Аибашьраан ҳара ҳбираҟи адыга жәлар рбираҟи еидыргыланы акәын ишеибашьуаз. Абираҟ аҟны иану ахҿақәа ҵакыс ирымоу х-жәлар, адыгааи аԥсуааи абазақәеи реидгылара иатәуп. Аеҵәақәа адыга жәлар ажәҩан ишадҳәалоу хыхьынтә ишаашьҭу лахьынҵала ишҳараку аныԥшуеит. Ари амш дара ишыртәу еиԥш, ҳаргьы иахҭәуп. Ас еипш асимволқәа ҳаидырымкылар, усҟан аигыларагьы ҳцәыӡуеит, усҟан даргьы ҳаргьы ҳабжьаӡуеит", — иҳәеит Аламиа Sputnik Аԥсны акорреспондент данлаҿцәажәоз.