Арадио

Ҳашыг: амузыкатә рҳәагақәа зегьы "убжьар" алшоит

Мшаԥы 26 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу оркестр раԥхьатәи аконцерт. Аҿарпын рҳәаҩы, оркестр асолист Инар Ҳашыг арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны еиҭеиҳәеит жәлар рарҳәага "шыибжьаз".
Sputnik
"Хазлацәажәаша ҳамоуп": Ҳашыг жәлар рарҳәагақәа рыла ишьақәгылоу оркест иазкны

"Иарбан инструментзаалакгьы амаӡа зҵам ҳәа акгьы ыҟам. Дара зегьы рырҳәашьа шеиԥшым еиԥш, ирхылҵуа абжьгьы еиԥшым. Иҟоуп ауаҩыԥсы иаҳа ицааиуа, иаҳа аус зыдулатәу. Аҿарпын арҳәара цәгьоуп. Аԥхьа саналагоз хымз инареиҳаны ус баша сырҵаҩы сареи абжьы аргара ҳаҿын, уигьы абжьы цқьаӡа иахылҵыртә еиԥш исзыҟаҵомызт. Азнаказы иаансыжьырц ақәыскит, аха зегь акоуп арҳәага ахь исымаз абзиабара еиҳахеит", — азгәеиҭеит Ҳашыг арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.