Арадио

Мықәба "Аԥынҵатәыҩақәа" иазкны: ҩынтә - хынтә сахәаԥшыр сҭахуп

Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит апремиера. Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа ахәаԥшцәа ирыдылгалеит адраматург Енжен Ионеско ипиеса "Аԥынҵатәыҩақәа". Ақәыргыламҭа даара ибзиоуп ҳәа ахыиҳәааит ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба Sputnik Аԥсны акорреспонднт даниҿцәажәоз.
Sputnik
Мықәба "Аԥынҵатәыҩақәа" иазкны: ҩынтә - хынтә сахәаԥшыр сҭахуп

"Ааԥынтәи ашәҭ еиԥш афҩы хаа аманы, абас еиԥш иҟоу аҷкәынцәа рбыҩхатәра аабеит асценаҿы. Арежиссиор аџьабаа ду адылбалазаргьы, ибзианы дыпшааит. Ансамбль ыҟоуп, ақәыргылаҩ илҳәар илҭахыз, автор ииҳәар ииҭахызи, дара актиорцәа ирҳәар ирҭахызи еиқәшәеит. Ари аԥсыуа милаҭтә драматургиаӡам, аха иаанырԥшуа апроблемакәа ҳзааигәоуп, ари иаԥсыуам уҳәартә иҟаӡам. Даҽа ҩынтә- хынтә сахәаԥшыр сҭахуп", — иҳәеит Мықәба Sputnik Аԥсны акорреспондент даниҿцәажәоз.