Арадио

Ахба: афорумқәа ҳхы иаҳархәар ауп атурист Аԥсныҟа иадыԥхьаларазы

Екатеринбург имҩаԥысуаз атурист форум алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭаиҳәеит акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Ахба Екатеринбург имҩаԥысуаз атуристтә форум иазкны

"Афорум аҿы хҭәыла ӡыраҳгеит, аԥсшьаразы иҟоу аҭагылазаашьа деилҳаркааит. Аԥхын аамҭа адагьы, егьырҭ ашықәс аамҭақәа рзы атурист Аԥсныҟа даар шилшо атәы ҳхәеит. Афорум иалахәыз Шәачатәи аекспертцәа адгылара ҳарҭеит. Хара имгакәа ҳгәы иҭоуп, атуристә программақәа ҳаманы, еиҭа ҳарҭаарц. Абас еиԥш иҟоу арегионқәа ҭахҵаалар ауп, афорумқәа ҳхы иаҳархәар ауп атуристцәа ҳтәылахь раагаразы", — иҳәеит Ахба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.