Кан Кәарҷиа дыршьырц иҟаз аҽазышәараз ашьаусӡбара ииагоуп

Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, 2016 шықәса жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Аԥжәара аганахьала ашьаус хацыркын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба инарықәыршәаны. Аԥсны Апрокуратура хада дааннакылеит Адгәыр Корсантиа. Иара ахара идырҵоит Жәлар реизара депутатс иҟаз Кан Кәарҷиа иҭархара аиҿкаара далахәын ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 26– Sputnik. Аусӡбарҭа аилатәара аанкылан зус рыӡбоз игәабзиаратә ҭагылазаашьа бааԥс инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аофициалтә саит.

"Аусӡбарҭа аилатәара аанкылан зус рыӡбоз Адгәыр Корсантиа игәабзиаратә ҭагылазаашьа бааԥс инадҳәалан, Кан Кәарҷиа аилатәараҿ иҟамзаара ада аусӡбара иашам ҳәа изыԥхьаӡо, Адгәыр Корсантиа иинтересқәа зыхьчоз Константин Чагәааи апрокурори рыҳәаралеи", — ҳәа аҳәоит асаит аҟны.

Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, 2016 шықәса жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Арԥжәага зымпыҵаԥжәаз ауаҩы аҭыԥ аҟны иԥсыбаҩ рбеит.

Аԥсуа ателерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз аԥжәара аганахьала ашьаус хацыркын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба инарықәыршәаны. Аԥсны Апрокуратура хада дааннакылеит Адгәыр Корсантиа. Иара ахара идырҵоит Жәлар реизара депутатс иҟаз Кан Кәарҷиа иҭархара аиҿкаара далахәын ҳәа.

Жәлар реизара депутатс иҟаз Кан Кәарҷиа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра далахәылоуп, Леон иордан ианашьоуп.

Диит 1974 шықәса ԥхынгәы 1 азы.