Арадио

Ахба: автобусқәа ГЛОНАСС рымамқәа аҳәаа ахысра азин ыҟам

Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит Шәача ашьапылампыл азы Ачемпионат амҩаԥысра аамҭа иалагӡаны Урыстәылеи Аԥсныи рҳәаа атуртранспорт ахысразы ишьақәыргылоу аԥҟаррақәа ртәы.
Sputnik
"Хра хлоу ахҭысқәа": Ахба атуртранспорт аиҭанеиааира Урыстәыла Ачемпионат амҩаԥысра аамҭазы

"Ашьапылампыл ачемпионат анымҩаԥысуа аамҭазы ауадаҩрақәа ҳазцәарҵуеит. Иҟоуп ақәҵарақәа Урыстәыла анапхгара иаднакылаз. Автобусқәа асистема ГЛОНАСС ҳәа изышьҭоу амамкәа аҳәаа иахыҵра азин рымам. Ачемпионат ахьымҩаԥсыуа ақалақь аҩныҵҟа аума, иара анҭыҵ акәзаргьы, атуртранспорт ГЛОНАСС амамкәа аиҭанеиааира алыршахом. Аинформациа заур зҭаху атуроперторцәа иҳадҵаалар алшоит, иара асаит аҿы аинформациа ҳкьыԥхьхьеит. Ақәҵара ззырхоу автобусқәа роуп, амашьына хәыҷқәа уахь иаҵанакуам", — иҳәеит Ахба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.