"Хра злоу ахҭысқәа": Аԥҳазоу аԥсуа шрифт ҿыц иазкны
© Sputnik
"Ажәытәтәи ашрифт ахархәара мап ацәктәуп. Шьҭа иаҳа еиӷьу ашрифт еиқәдыршәеит акомпиутертә технологиақәа ирызҟазоу аҷкәынцәа. Урҭ русгьы ргәы азҭаҵалатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны аиҳабыра реилазаара ирыдыркылеит жәларбжьаратәи акомпиутертә технологиақәа рганахьала ақәҵара еиҳа иҿыцу апрограммахь аиасразы. Ауниверситет аҿы аспециалистцәа аус адырулеит Arial AB ҳәа изышьҭоу ашрифт ҿыц", — ҳәа азгәаиҭеит Аԥҳазоу.