Ермантәылатәи аоппозициа Аиҳабыра зегьы ԥхьатәара ицарц рыдиҵоит

Аоппозициаа рҿагыларатә акциақәа ирыцырҵоит Аԥыза-министрс "ажәлар ркандидат" дҟамлар.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27— Sputnik. Ермантәыла аоппозициаа реиҳабы Никол Пашиниан изаамҭанытәим апарламенттә лхрақәа абаикот рзиур алшоит. Абри атәы иҳәеит иара имҩаԥигоз апресс-конференциаҿы ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армения.

Пашиниан иазҵааит: лаҵарамза 1 азы Аԥыза-министр далхымхар, Амилаҭтә еизара еимырпхар уи инадҳәалангьы изаамҭанытәим алхрақәа ҟалар аоппозициаа ирхымҩаԥгахашьахозеи ҳәа. Иара иажәақәа рыла аоппозициаа арҭ алхрақәа абаикот рзырур ҟалоит.

Ереван аҿагылаартә акциақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит

Пашиниан игәаанагарала иахьатәи алхратә системала алхрақәа мҩаԥгахар, алҵшәақәа дырԥаршеиуеит. Алхрақәа риашара алыршахоит Аԥыза-министр иҭыԥаҿ "ажәлар ркандидат" иҟазаараан.

Иҟоу адыррақәа рыла Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Карен Карапетиан Пашиниан иԥылара мап ацәикит.

Мшаԥы 23 рзы, ауаажәларра массала рықәгылара ашьҭахь Аԥыза-министр Серж Саргсиан инапынҵақәа аанижьит. Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡоит Карен Карапетиан.

Ус шакәугьы аоппозициаа Аиҳабыра зегьы ԥхьатәара ицарци анапхгара иатәу Ареспубликатә партиа аԥыхреи рзы иқәгылоит.

Мшаԥы 25 рзы аиҿкаара "Мой шаг" аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥыза-министр икандидатура ҳәа Никол Пашиниан икандидатура шықәнаргыло азы.