Ереван аҿагылаартә акциақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция протеста оппозиции в Ереване
Акция протеста оппозиции в Ереване - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Ермантәыла амчратә структурақәа изныкымкәа ааԥхьарақәа ҟарҵеит амитингқәа реиҿкааҩцәа рахь, азин иаҿагыло русқәа ааныркыларц азы.

АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. Аҿагыларатә акциа "Мой шаг" — адепутат Николо Пашиниан иаԥшьгамҭоуп. Иара инақәыршәаны аоппозициатә мчқәа рхаҭарнакцәа Ермантәыла зегьы шьапыла иахысроуп. Мышқәак рыла Пашиниани идгылаҩцәеи 200 километра рҟынӡа иахысит. Акциақәа мҩаԥган ақалақьқәа Гиумри, Ванадзор, Спитак, Дилижан, Абовиан, Раздан

Аҿагыларатә акциа мҩаԥызгои зҽалазырхәуеи Ермантәыла Аԥыза-министрс Серж Саргсиан иҟалара иаҿагылоит.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Ермантәыла аполициа аусзуҩцәа иааныркылеит акциақәа ирылахәыз 66-ҩык аоппозиционерцәа ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армениа.

"Мшаԥы 18 асааҭ 12:00 инақәыршәаны иаанкылан 66-ҩык Ермантәыла атәылауаа" ҳәа адырра ҟарҵеит аполициа рҿы.

Ситуация на улице Хаджян - Sputnik Аҧсны
Ереван аоппозициаа рықәгыларақәа мҩаԥысуеит

Мшаԥы 16, ашьыжь, асааҭ 8:15 инаркны Ереван аоппозициаа рықәгыларақәа рымҩаԥысра иалагеит. Амҩадуқәа аркхеит. Акциа рҽаладырхәит астудентцәа ҳәа аанацҳауан Sputnik Армениа.

Ермантәыла аполициа абри инадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит Апарламент адепутат Никола Пашиниани иара идгылаҩцәеи ауааԥсыра рымаҵ ауразы ихымԥадатәины иҟоу амҩадуқәа адыркит ҳәа. Убри инадҳәаланы ауааԥсыра рконституциатә зин – рхы иақәиҭны аиҭанеиҭаҵааиҭаҵра еилаган ҳәа ишьоуп.

"Аполициа агәҽанҵара руеит амитингқәа ауаажәларратә еиҿкаара анеиларго раанкылара алшоит ҳәа" аҳәон аполициаа иҟарҵаз аҳәамҭаҟны.

Апарламенттә фракциа "Елк" Николо Пашиниан ихадарала ирыӡбит мшаԥы 13 инаркны 17 рҟынӡа уахи-ҽни неиԥшьны Ереван ақалақь аҿы амитинг амҩаԥгарагьы.

Аҿагыларатә акциа мҩаԥызгои зҽалазырхәуеи Ермантәыла Аԥыза-министрс Серж Саргсиан иҟалара иаҿагылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0