КНДРи Аладатәи Кореиеи еимабзиахо иалагеит

Ахәашаҽны, Аладатәи Кореиа аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Ким Чен Ын арра-демаркациатә цәаҳәа дахысны Аладатәи Кореиа аҵакырахь диасит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27— Sputnik. Ахәашаҽны, Аладатәи Кореиа аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Ким Чен Ын арра-демаркациатә цәаҳәа дахысны Аладатәи Кореиа аҵакырахь диасит. Атәылақәа рыҩба рхадацәа имҩаԥыргаз асаммит аихшьаалақәа рыла иуҳәар ауеит урҭ аимабзиара амҩа ианылеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аладатәии Аҩадатәии Кореиаа рхадацәа еиԥылеит

Сааҭқәак раԥхьа Ким Чен Ыни Мун Чже Ини адемокрациатә цәаҳәаҿы еиқәшәеит. Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ин КНДР ахада Ким Чен Ын ажәадгала изыҟаиҵеит аҳәынҭқаррақәа рыҩба реихамҩақәа реидҵаразы.

Ахадацәа реиҿцәажәара актәи араунд ашьҭахь "Шәааи, еиҳа лассы-лассы ҳаиқәшәалап. Зегь ззыԥшу аҭынчреи аилибакаареи шьақәҳаргылап" — иҳәеит Ким Чен Ын.

Атәылақәа рыҩба рхадацәа алацәажәараны иҟоуп реизыҟазаашьа, аҭынчреиҿкаашьа, реидҵара аԥеиԥш азҵаарақәа.

Ииасыз амчыбжь азы Ким Чен Ын аҳәамҭа ҟаиҵеит мшаԥы 21 инаркны КНДР аиадертәи аракетатәи тестқәа рымҩаԥгара шааннакыло азы.