Аладатәии Аҩадатәии Кореиаа рхадацәа еиԥылеит

© AFP 2023 / KOREA SUMMIT PRESS POOLГлава Северной Кореи Ким Чен Ун и президент Южной Кореи Луна Чжэ-ин после церемонии посадки деревьев в деревне Панмунджом
Глава Северной Кореи Ким Чен Ун и президент Южной Кореи Луна Чжэ-ин после церемонии посадки деревьев в деревне Панмунджом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ин КНДР ахада Ким Чен Ын ажәадгала изыҟаиҵеит аҳәынҭқаррақәа рыҩба реихамҩақәа реидҵаразы ҳәа ааицҳауеит Аладатәи Кореиа ахада иусбарҭа ахаҭарнак.

АҞӘА, мшаԥы 27— Sputnik. Ахәашаҽны, Аладатәи Кореиа аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Ким Чен Ын арра-демаркациатә цәаҳәа дахысны Аладатәи Кореиа аҵакырахь диасит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Абраҟа имҩаԥысит Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ини иареи реиқәшәара. Атәылақәа рыҩба рхадацәа алацәажәараны иҟоуп реизыҟазаашьа, аҭынчреиҿкаашьа, реидҵара аԥеиԥш азҵаарақәа.

Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ин КНДР ахада Ким Чен Ын ажәадгала изыҟаиҵеит аҳәынҭқаррақәа рыҩба реихамҩақәа реидҵаразы.

Иаар убасгьы КНДР ахада Ким Чен Ын Мун Чже Ин идигалеит еиҳа лассы-лассы аиқәшәарақәеи аиҿцәажәарақәеи мҩаԥыргаларц.

"Шәааи, еиҳа лассы-лассы ҳаиқәшәалап. Зегь ззыԥшу аҭынчреи аилибакаареи шьақәҳаргылап" — иҳәеит Ким Чен Ын.

Ахәашаҽны, Аладатәи Кореиа аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Ким Чен Ын арра-демаркациатә цәаҳәа дахысны Аладатәи Кореиа аҵакырахь диасит.

Абраҟа имҩаԥысит Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ини иареи реиқәшәара. Атәылақәа рыҩба рхадацәа алацәажәараны иҟоуп реизыҟазаашьа, аҭынчреиҿкаашьа, реидҵара аԥеиԥш азҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0