Арадио

Мамед-оглы "Аҟәатәи аҩра" иазкны: зегьы аҳамҭақәа рзыԥшуп

Ахҭнықалақь аҿы имҩаԥысран иҟоу аспортә усмҩаԥгатә "Аҟәатәи аҩра" атәы арадио Sputnik Аԥсны аефер аҟны далацәажәеит аклуб "Аспорт Аԥсны" ахаҭарнак Асҭамыр Мамед-оглы.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Мамед-оглы "Аҟәатәи аҩра" иазкны

"400-ҩык инареиҳаны аҩра згәы иҭоу ашәҟәы рыҽҭаргалахьеит. "Аҟәатәи аҩра" аԥхьа хымԥада,  аҽазыҟаҵара аҭахуп, зныкала "иахьа сыҩырц сҭахуп"  ҳәа иаалырҟьаны уҩыр угәабзиара иазеицәахар алшоит. Араҟа акыр аҵанакуеит иишан акрыфарагьы. Аҩра аҽны иласу шьыжьхьы ыфатәуп, ҩ-сааҭк х-сааҭк шагу аӡы ужәыр ауп", — иҳәеит Мамед-оглы.

Аклуб "Аспорт Аԥсны" ахаҭарнак иара убас дазааҭгылеит аҩра иалахәы ирзырхиоу аҳамҭақәа ртәы.

"Аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкылаз рзы амедалқәа рыдагьы аҳамҭақәа рзыԥшуп. Урҭ арбан, макьана имаӡоуп. Афиниш аҟынӡа иааӡаз ирыҭахоит "афинишер имедал" ҳәа изышьҭоу аԥхьахәи, иара убас иҷыдоу ашәҵатәыи", — иҳәеит Мамед- оглы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.