Арадио

Габуниа: алхрақәа рахь инеиуа ауаҩы абырцкал дкылхтәуп

Аԥсны алхратә система ишахәҭәоу аус ауам ҳәа агәаанагара имоуп адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, азиндырыҩ Гьаргь Габуниа.
Sputnik

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Габуниа аҭыԥантәи анапхгараҭара рнахгаҩцәа ралхразы азакәан иазкны
"Аԥсны алхратә система шыҟоу ала агәра угартә иҟаӡам, иахьа араион ахада даналаҳхуа иақәнагоу ауаҩы далаҳхуеит ҳәа. Аха убри аан ажәлар даналырхуа еиҳа аҭакԥхықәра идлоит. Алхрақәа рахь инеиуа ауаҩы абырцкал дкылхтәуп, дгәаҭатәуп, хымԥада иҟоуп ацензқәа, аха урҭ ишахәҭоу аус руроуп", — азгәеиҭеит Габуниа.