Ҳара ҳҟынӡа еиқәхаз Амбаратәи абааш

Sputnik

Аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа иҭыиҵаауеит ауахәамақәа рархитектура, избан акәзар иара аҟазара иахәҭакуп.

Амбаратәи абааш иазку ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Авиденоҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Сурам Сақаниа ари ауахәама иуникалтәу аныхабаақәа иреиуоуп ҳәа иазыиԥхьаӡоит.

"Ари аныхабаа иара ахқәа рыбжьара иуникалтәу акакәны иҟоуп, избан акәзар Аԥсны ирацәоуп ибазиликалтәу аргыламҭақәа. Ари аныхабаа шжәытәӡатәиу зырҵабыргуа акоуп иара аҿышәҭа апирамида асахьа ахьамоу. Аныхабаа иамоуп ҩ-еихагылак, ахыбгьы хаҳәла еиқәҵан, аха иахьа уажәраанӡа изымааит", ҳәа иҳәеит Сақаниа.

Аҟазаҭҵааҩы Сурам Сақаниа, иажәақәа рыла аныхабаа еиқәҵоуп аҭыԥантәи аус зыдуланы ицәу ахаҳәқәеи, аус зыдулам ахаҳәқәеи рыла.

"Ауахәама аура ҩажәа метра ыҟоуп, аҭбаара жәохә метра. Иамоуп жәаҩа ԥенџьыри ԥшь-шәыки, аҩнуҵҟа аимоуп згәаҭара уадаҩу ашә хәыҷқәа ҩба,дара ухаргалоит ауахәама аусзуҩцәа рыԥсы ахьыршьоз ауадақәа рахь. Амбаратәи аныхабаа баагәарала икәаршан, иахьа иара ҭыԥқәак рыҟноуп иахьеиқәхаз ", — ҳәа ациҵеит иара.

Аҵарауаа еицҿакны гәаанагарак рымам ари ауахәама иарбан шәышықәсоу изҵазкәа ҳәа.

 

1 / 7
Мгәыӡырхәа ақыҭан, акәарҷҷара Амбара ахықәан, адәҳәыԥш ԥшӡа аҟны игылоуп Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи.
2 / 7
Ари аныхабаа шжәытәӡатәиу зырҵабыргуа акоуп - иара аҿышәҭа апирамида асахьа ахьамоу
3 / 7
Аныхабаа еиқәҵоуп аҭыԥантәи аус зыдуланы ицәу ахаҳәқәеи, аус зыдулам ахаҳәқәеи рыла.
4 / 7
Ауахәама аура ҩажәа метра ыҟоуп аҭбаара жәохә метра.
5 / 7
Амбаратәи аныхабаа баагәарала икәаршан, иахьа иара ҭыԥқәак рыҟноуп иахьеиқәхаз
6 / 7
Иамоуп жәаҩа ԥенџьыри ԥшь-шәыки аҩнуҵҟа, иара убас иамоуп згәаҭара уадаҩу ашә хәыҷқәа ҩба, дара ухаргалоит ауахәама аусзуҩцәа рыԥсы ахьыршьоз ауадақәа рахь.
7 / 7
Аныхабаа иамоуп ҩ-еихагылак, ахыбгьы хаҳәла еиқәҵан, аха иахьа уажәраанӡа изымааит