Арадио

Ԥиԥиа амаланыҟәатә спорт иазкны: маҷ-маҷ Аԥсны аларҵәара ҳалагоит

Аԥсны амаланыҟәатә спорт азы Афедерациа ахада Вахтанг Ԥиԥиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы ари аспорт хкы аҿиара аиурц шалшо.
Sputnik

"Хра злоу ахҭысқәа": Ԥиԥиа Аԥсны амаланыҟәатә спорт аҿиара иазкны
"Маҷ-маҷ абри аспорт аҿар рҿы, жәаҩа шықәса зхыҵуа инадыркны аларҵәара ҳалагоит.  Уажәазы ареспубликатә стадион аҟны иааҳартуеит ахәыҷқәа рышкол, амаланыҟәатә спорт ала. Уи раԥхьатәи шьаҿоуп.  Нас хәыҷ-хәыҷы Урыстәылатәи амаланыҟәатә спорти ҳареи ҳаилаҵәаны аус ҳурц ҳгәы иҭоуп", — иҳәеит Ԥиԥиа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны.