Атәылақәа ҩба рхадацәа еиҭарҳаз аџь ыӡит

Амчыбжь аҩныҵҟа Америкеи Франциеи рхадацәа реиԥылараан аныҳәатә ҟазшьа аҭаны еицеиҭарҳаз аџьҵла ыӡит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30– Sputnik. Амчыбжь аҩныҵҟа Америкеи Франциеи рхадацәа Дональд Трампи Еммануиль Макрони реиԥылараан аныҳәатә ҟазшьа аҭаны еицеиҭарҳаз аџьҵла ыӡит. Абри атәы аанацҳауеит The Daily Mail. Аџьҵла еиҭаҳан дара реиҩызара иашьананы.

Аҵла ахьеиҭаҳаз аҭыԥ аҿы ҭацәыроуп.

Аҩны Шкәакәаҿы макьаназы ахҭыс ахҳәаа арымҭацт.

Макрони иԥшәмаԥҳәыс Брижити Вашингтон иаҭааит аҳәынҭқаррақәа рыҩба реизыҟазаашьа 250-ахыҵра азгәаҭара инамаданы. Франциатәи апрезидент драԥхьатәиуп Дональд Трамп ҳәынҭқарратә визит ҳасабла инеиԥхьаз.

Франциатәи абнара Белло аҟынтәи Макронраа Вашингтонҟа инаргеит аџьҵла еиҭаҳатә.