Аҩадеи Аладеи Кореиа рсааҭқәа еиқәдыршәоит

Иаалырҟьаны адунеитә политикцәеи аналитикцәеи рзы Аладатәии Аҩадатәии Кореиаа реизааигәахара раԥхьатәи алҵшәақәа аанашьҭит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30— Sputnik. Иаалырҟьаны адунеитә политикцәеи аналитикцәеи рзы Аладатәии Аҩадатәии Кореиаа реизааигәахара раԥхьатәи алҵшәақәа аанашьҭит. Аҩадеи Аладеи Кореиа рсааҭқәа еиқәдыршәоит. Абри атәы аанацҳаит "Вести".

КНДРи Аладатәи Кореиеи еимабзиахо иалагеит

Ахәашаҽны, Аладатәи Кореиа аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Ким Чен Ын арра-демаркациатә цәаҳәа дахысны Аладатәи Кореиа аҵакырахь диасит. Атәылақәа рыҩба рхадацәа имҩаԥыргаз асаммит аихшьаалақәа рыла иуҳәар ауеит урҭ аимабзиара амҩа ианылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ким Чен Ыни Мун Чже Ини адемокрациатә цәаҳәаҿы еиқәшәеит. Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ин КНДР ахада Ким Чен Ын ажәадгала изыҟаиҵеит аҳәынҭқаррақәа рыҩба реихамҩақәа реидҵаразы.

Ахадацәа реиҿцәажәара актәи араунд ашьҭахь "Шәааи, еиҳа лассы-лассы ҳаиқәшәалап. Зегь ззыԥшу аҭынчреи аилибакаареи шьақәҳаргылап", — иҳәеит Ким Чен Ын.

Атәылақәа рыҩба рхадацәа алацәажәараны иҟоуп реизыҟазаашьа, аҭынчреиҿкаашьа, реидҵара аԥеиԥш азҵаарақәа.

Ким Чен Ын аҳәамҭа ҟаиҵеит мшаԥы 21 инаркны КНДР аиадертәи аракетатәи тестқәа рымҩаԥгара шааннакыло азы.