"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьапуа иахьатәи ҳаҭҵаарадырра аҿахәы ҳәалатәуп
© Sputnik
"Ажәахәқәа зегьы угәы иаахәартә иманшәалан. Ҳара ҳажәахә археолог Михаил Ҭраԥшь диижьҭеи шәышықәса аҵра инадҳәаланы иԥшаахымҭақәа ирызкын. Ҳҩызцәа ракәзар аб Дорофеи, Гарри Сангәылиа, Сурам Сақаниа ажәахә бзиақәа ҟарҵеит. Сгәы иаанагоит зегьы ҳтемақәа инҭырҳәцааны иҟаҵан ҳәа. Азҵаарақәагьы маҷымкәа иҟалеит, ибзианы ирыдыркылеит. Зегьы ҳахьцалакгьы ҳажәҩа еибыҭаны аҿахәы ҳҳәароуп иахьатәи ҳаҭҵаарадырра, иӡыргатәуп. Ҳара иҟаҳамҵар аӡәгьы иҟаиҵом. Сгәаанагарала уи аганахьала иахьынӡаҳалшоз шьаҿа хәыҷык ҟаҳҵеит", — иҳәеит Аркади Џьапуа.
Аконференциа иалахәын аԥсуа ҵарауаа Сурам Сақаниа, Гарри Сангәылиа, Аркади Џьапуа, Валентин Ниушков, иара убас аб Дорофеи (Дбар).