Џьобааԥҳа Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс адиплом ланашьоуп

V Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Звезды России 2018" мҩаԥысуан Санкт-Петербург мшаԥы 27 -30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи акәашаҩ Лолита Џьобааԥҳа V Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Звезды России 2018" актәи алаурет лдиплом лоуит. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Лолита лан Елена Џьобааԥҳа.

Диплом Лолиты Джобава

"Лолита ҩ-номерк азлырхиеит. Актәи ҳаамҭазтәи кәашароуп –"Сердцебиение", аҩбатәи милаҭтә кәашароуп", — лҳәеит лара.

Санкт-Петербургтәи аконкурс Лолита дазлырхиеит ахореограф Елеонора Мазова.

"Лцәамаҭәа ӡахын акәашара астудиа "Иааирума" аҿы. Лолита лнапы злаку даара бзиа илбоит. Ԥхьаҟагьы уи лхы азылкыр лҭахуп. Профессионалк иҳасаб ала 3-4 мзы роуп дкәашоижьҭеи, аха абри аамҭала ибзианы лхы аалырԥшит", — лҳәоит ан.

Елена Џьобааԥҳа лажәақәа рыла ажиури Лолита лықәгылара ргәаԥхеит.

V Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Звезды России 2018" мҩаԥысуан Санкт-Петербург мшаԥы 27 —30 рзы. Афестиваль иалахәын 600-ҩык акәашаҩцәа.