Арадио

Марыхәба: "Амцабз" аконцерт ашьҭахь иҵегь ахәыҷқәа ҳадҵаалап ҳәа ҳгәыӷуеит

Москватәи ахәыҷтәы аԥсуа кәашара ансамбль "Амцабз" асахьаркыратә напхгаҩы Лаша Марыхәба Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аихшьаалатә концерт шымҩаԥысыз.
Sputnik

Марыхәба: "Амцабз" аконцерт ашьҭахь иҵегь ахәыҷқәа ҳадҵаалап ҳәа ҳгәыӷуеит
"Аихшьаалатә концерт  ҩ-ҟәшак рыла ишьақәгылан, сааҭк- сааҭк ицон. Ахәаԥшцәа ҩба-хԥа кәашара ҿыц рыдаагалеит. Аконцерт аҟны иқәгылеит ансамбль астудиа ааӡамҭацәа. Урҭ шықәсык аҟара ҵуеит акәашарахь иныҟәеижьҭеи. Идҳарбеит ауаԥсаа рыкәашара, иара убас ансамбль иалоу амилаҭқәа зегьы рыкәашарақәа еидызкыло ақәгылара "Аиҩызара". Аихшьаалатә концертқәа есышықәса имҩаԥаҳгалоит. Аҭаацәа лабҿаба ирбоит арҵаҩцәа рџьабаа, ахәыҷқәагьы иаҳа иаднаԥхьалоит. Ҵыԥх ансамбль хәышықәса ахыҵразы имҩаԥгаз аконцерт ҩажәаҩык раҟара ахәыҷқәа нанагеит. Сынтәагьы ирбаз аконцерт ансамбль ахь инанагап ҳәа ҳгәыӷуеит Москва инхо аԥсуа хәыҷқәа", — иҳәеит Марыхәба.