Гәдоуҭа имҩаԥган Нестор Лакоба игәалашәара иазку амитинг

Аполитикатә усзуҩ, ареволюционер Нестор Лакоба диит лаҵара 1 1893 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы.
Sputnik

ГӘДОУҬА, лаҵара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Нестор Лакоба диижьҭеи 125-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратәи митинг мҩаԥган Гәдоуҭа. Арахь иааиит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, атәыла анапхгара, аиҳабыра, араионқәа рхадацәа ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ақалақь ауааԥсыра.

 Гәдоуҭа араион Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Сергеи Чакәатаа араион акоммунистцәа рыхьӡала ауснагӡатә аартуа Аԥсны ахадарахь аҳәара ҟаиҵеит Нестор Лакоба ибаҟа Гәдоуҭа ақалақь агәҭа иргылазарц.

 "Аиҳабыра шәахь аҳәара ҟаҳҵоит Нестор Лакоба ихаҭара иақәнагахаша абаҟа ргылазарц азы", — иҳәеит иара.

Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит

 Лыхны ақыҭа аҭоурых арҵаҩы Нодар Ҳагба далацәажәеит XX ашәышықәса алагамҭаз Аԥсны асовет мчра ашьақәгылара аамҭа. Иажәахә аҟны дазааҭгылеит аполитикатә процессқәа рҟны Нестор Лакоба иааникылоз аҭыԥ, иԥсҭазааратә мҩа, идунеиԥсахшьа.

 Аԥсуа жәлар иналкааны Нестор Лакоба иахь ирымаз абзиабара азгәеиҭеит Алма Лакоба.

 Иара еиҭеиҳәеит Лакоба иԥсыбаҩ Кьалашәыр адәыӷба ианаанага, иԥсыбаҩ зҭаз аҭоубыҭ ажәлар рнапы иқәыргыланы Аҟәа агәаҟынӡа ишнаргаз.

 "Иҟалаз азымхошәа абахҭа дҭаркит Нестор иԥҳәыс Сариа. Уи уа акраамҭа ддыргәаҟуан, аха лара Нестор исаҟалажәак лымҳәеит. Адунеи аҟны зегь раасҭа амаҭ дшацәшәоз анеилыркаа, дахьҭакыз амаҭ ҩнарҵеит. Ларгьы лгәы еиҟәжәаны дыԥсит", — ҳәа еиҭеиҳәон Алма Лакоба.

 Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 1, Нестор Лакоба ихьӡ зху, аҵаҩцәа аԥхьеит иара изку ажәеинраалақәа, ансамбль "Риҵа" ашәаҳәаҩцәа инаргыӡеит жәлар рашәақәа.