Париж аилаҩынтра иалахәыз 100-ҩык раҟара аанкылоуп

Франции лаҵарамза актәи аныҟәарақәеи амитингқәеи раан аекстремистцәа адәқьанқәеи аресторанқәеи рвитринақәа ԥырҽит, аилаҩынтра еиҿыркааит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Аекстремисттә гәыԥқәа рлахәылацәа шәҩык раҟара ааныркылеит Парижтәи аилаҩынтрақәа раан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арадиостанциа France Info адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

РИА Новости ажурналист аахақәа лоуит Парижтәи аилаҩынтрақәа раан

РИА Новости адыррақәа рыла аҿар асабардақәа рҿаҵаны лаҵарамзатәи аныҟәарақәа раан амҩан ирԥылоз адәқьанқәеи аресторанқәеи рвитринақәа ԥырҽуан, автомашьынақәа амца рыцрарҵон. Франциа апрезидент Еммануиль Макрон аҳәамҭа ҟаиҵеит аилаҩынтрақәа дышрықәыӡбо азы, иагьазгәеиҭеит урҭ реиҿкааҩцәа рыхәҭа ишақәыршәахо.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ааха лоуит РИА Новости ажурналист.

Ажурналист лажәақәа рыла аполициа аусзуҩцәа иаразнакы урҭ азинеилагарақәа раԥырҟәҟәаара иаламгеит. Аамҭақәак рышьҭахь алаӷырӡ аазго агази аӡыхьшәашәеи рыларҵеит адәыӷбаангыларҭа Аустерлиц иахьаҵанакуа.

Аполициаа руснагӡатәқәа ирыхҟьаны ааха роуит жәаҩык.