Аҳҭнықалақь амҩақәа хԥа аремонт рызууп

Аҳҭнықалақь амҩақәа хԥа: Џьелиа имҩа, аишьцәа Занҭариаа рымҩа, Мушьни Хәарцкьиа имҩа аремонт рызууп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Километраки бжаки рҟынӡа инаӡо амҩақәа хԥа аремонт рзуны иалгеит лаҵара 2 рзы.

"Километраки бжаки рҟынӡа инаӡо амҩақәа хԥа аремонт рзуны иалгеит лаҵара 2 рзы. Арҭ амҩақәа ирԥынны инхоит 300-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Амҩақәа руак унанагоит жәаҩыла ахәыҷқәа зҭаауа ахәыҷбаҳчахь. Уажәазы урҭ уахь рнеира ырманшәалоуп, аремонт рызууп", — иҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутат Саид Быҭәба.

Мурман Киут дынхоит Занҭариаа рымҩаҿы. Иара аибашьра зыбжа азҭаз уаҩуп. Амҩаҿтәи ажрақәа еергьҳәа ирҭысуа иавтомашьына акыр аныҟәара аруадаҩхьеит.

"Смашьынагьы акыр инықәсхьеит. Асеиԥш иҟоу ауадаҩрақәа рхысра ацәыуадаҩуп", — иҳәеит иара.

Жорж Пачлиагьы абри амҩаҿ дынхоит. Уигьы амҩа аҭагылазаашьа гәыҵхас иман.

Укладка асфальта на Турбазе

Амҩақәа рыҟаҵара аԥаразоужьра азҭаз Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутат Саид Быҭәба иҳәеит алхрақәа раан ауааԥсыра ириҭаз иажәа шынеигӡаз.

"Алхыҩцәа амҩақәа рпроблема сазхьаԥшырц исыҳәеит. Ахарџьқәа рыбжак сара саҵагылеит, иаанхаз аҟны ацхыраара ҟаиҵеит ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиеи араҟа инхо ауааԥсыреи", — иҳәеит Быҭәба.

Аремонт аҟаҵара иагеит 15 нызқь тонна акаҭран.

Укладка асфальта на Турбазе