Амқәаб: ажурналистика ҟазароуп
© Sputnik
Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>
"Асоветтә системаҿы ажурналист напхгаҩык иакәын имаз. Аҿыц системаҿы дарбанзаалак алшара имоуп ихатә информациатә хархәага аартра. Убри алагьы иара идеологиа ажәлар ирылаирҵәоит. Ажурналист атуар деиԥшхеит. Уи иҟаиҵароуп, иҩҩыроуп аинформациа напхгара изҭо иҭахра инақәыршәаны. Уи аӡәгьы игәаԥхом, аха ус ишьақәгылеит аамҭа.
Иҟоуп ажурналистика иҟоуп амасс-медиа арҭ еиԥшӡам. Дара рхықәкгьы еиԥшым. Амасс-медиа еиқәыршәоу системоуп, уи аԥшәма ишиҭаху еиҿкаауп. Иара иуиҭо ахақәиҭра ауп, уаҳа изацҵом. Ажурналистика уи баҩхатәроуп, ҟазароуп", — азгәаиҭеит Амқәаб арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.