Асовет шәаҳәаҩ Мулерман иԥсҭазаара далҵит

Мулерман инеигӡон еицырдыруа, бзиа еицырбо ашәақәа: "Лада" (Владимир Шаински, Михаил Плиацковски), "Трус не играет в хоккей" (Александра Пахмутова, Николаи Добронравов).
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3— Sputnik. Еицырдыруа асовет шәаҳәаҩы, РСФСР жәлар рартист, Украина зҽаԥсазтәыз артист Вадим Мулерман иԥсҭазаара далҵит Ниу-Иорк, 79 шықәса дшырҭагылаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ашәаҳәаҩ Нина Бродскаиа лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Минуҭқәак раԥхьа Вадим Мулерман иԥшәмаԥҳәыс Светлана слацәажәон. Лара лоуп исазҳәаз иҟалаз арыцҳара атәы", — ҳәа лыҩуеит лара Facebook аҿы.

Мулерман СССР 1960-тәи ашықәсқәа раан еицырдыруаз шәаҳәаҩын. Мулерман инеигӡон еицырдыруа, бзиа еицырбо ашәақәа: "Лада" (Владимир Шаински, Михаил Плиацковски), "Трус не играет в хоккей" (Александра Пахмутова, Николаи Добронравов), "Как хорошо быть генералом" (Вадим Гамали, Михаил Танич). Иара убасгьы бзиа ибаны инеигӡон Давид Тухманов, Роберт Рождественски уҳәа ркомпозициақәа.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Мулерман США дынхон.