АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәеит ахатәтәра ззутәу аҳәынҭқарратә обиектқәа реиқәыԥхьаӡа цҵа. Гагратәи асасааирҭатә комплекс "Абхазия" ахатәтәра азухоит аиндаҭларатә шьаҭа аҭаны.
"Асасааирҭа иаҵанакуа адгьыл иартәоит 1,1 гектар, аҭира алагаратә хәыԥса иартәоит 67 миллиони 440 нызқь мааҭ. Ишьақәырӷәӷәоуп аобиект аиҭашьақәыргылара аҿҳәареи аиҭашьақәыргылара амҩаԥгашьеи. Аиҭашьақәыргылаар аҿҳәара хышықәса инаӡоит, иахәҭаны ишьоуп аинвестициа ҳасабла 120 миллион мааҭ" — иҳәеит азакәан апроект адепутатцәа ирыдызгалаз Александр Цишба.
Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" ахатәтәра азура азҵаара шьҭыхын 2018 шықәса хәажәкырамзазы Апарламент аҿы, Аминистрцәа Реилазаара анақәшаҳаҭха ашьҭахь.
Ахәаԥшра аҿҳәара инахан адепутатцәа адокументқәа хьҭырҵаауаз инамаданы.
Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" Гагра иргылан 1982 шықәса рзы.