Арадио

Габниа: аԥсшьаҩы ишәарҭадара атуризм аҿиараҿы ихадароуп

Иҟаҵатәузеи Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩы ашәарҭадара изеиҿкааразы, абри азы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Атәыла ахада иусбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Гиви Габниа.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Габниа аԥсшьаҩы ишәарҭадара иазкны

"Адунеи аҳәынҭқаррақәа зегьы рҿы аԥсшьаҩы ишәарҭадара зегьы реиҳа ихаданы ирыԥхьаӡоит. Акурортә аамҭа аҽазыҟаҵара иазкны атәыла ахада аилацәажәара анымҩаԥигоз инаҵшьны иазгәеиҭеит аграқәа иҳамоу хшыҩзышьҭра аҭаны ишырҽеитәу. Азинхьчаратә усбарҭақәа ишрыхәҭоу еиԥш аус рур шаку. Сгәы иаанагоит араионқәа зегьы рҿы дара русура дырӷәӷәароуп ҳәа. Ҳара иаадыруеит шьоукы аԥхынтәи аамҭа, џьабаада аԥара рҳәара хықәкыс иҟаҵаны, ишазыԥшу, уи ганахьала ҳусура ҳарӷәӷәар сынтәатәи акурортә аамҭа бзианы ицап ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Габниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.