"Хра злоу ахҭысқәа": Ҳараниа адукат иус иазкны
© Sputnik
"Адукат иихьчо азакәан ауп, ацәгьара зуз иакәӡам. Ацәгьара ҟазҵазгьы, ҳәарада, зинқәак имоуп. Адукат ззин ихьчо диҿагылар ахьамуа, дааирԥшыр азин имам. Ауаҩы дызшьыз иаартны имҳәозар, адукат ицәыргара азин имам. Ахьчараҟны акәамаҵамақәа рацәоуп. Ааигәа ашәҟәы ҭсыжьит. Уи аҟны иаазгоит иаҳа иуадаҩқәаз жәиԥшь ус, ацәгьоуразы аус иаҭаз, аха зыхьчара сылшаз. Сара сдукатуп иахьа, уаанӡа прокурорс, аӡбаҩс аус анызуаз еиԥш сыҟазҭгьы, азин сымаӡам аҳәара, аха издыруеит урҭ рыбжьара ҩыџьа –хҩык ирыдаз ахара шыҟарҵаҵәҟьаз. Урҭ аускәа убас еилгамкәа еилырган, схы иархәаны ауаа ахақәиҭра роуртә иҟасҵеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳараниа.