"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Кәарацхьелиа аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара иазкны
© Sputnik
"Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа аминистрра иааиуа акурортә аамҭазы аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аԥҵареи ацәгьоурақәа ирҿагылан ақәԥареи иазырхои апрафилактикатә усурақәа рыплан шьақәнарӷәӷәеит. Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа ргәырҽанаҳҵоит, еиуеиԥшым адыррақәа раҳҭоит. Зхатәы машьынала иаауа агәаларшәагақәа рзаҳшоит, уаҟа иануп иаарҭаххар ирласны иахьасша. Аԥсшьаҩцәа изҭаауа аҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара рзеиҿкааразы еиуеиԥшым аусхкқәа мҩаԥаҳгоит", — иҳәеит Кәарцхьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.