Арадио

Сангәлиа: Sputnik аԥшаахқәа аҵак ду амоуп

Sputnik акорреспондент Сариа Кәарацхьелиаԥҳа лыԥшаах, акыц иалху амфорақәа аҵак ду рымоуп, иҳәеит археолог Гари Сангәлиа.
Sputnik

Сангәлиа: Sputnik аԥшаахқәа аҵак ду рымоуп
"Иԥшаау амфорақәа антикатәи аамҭа, аԥшьбатәи ахԥатәи ашәышақәсқәа ирыҵаркуеит. Дара амшын ҿықәан ана-ара иуԥылалоит.  Араҟа иахьырӡуаз аҭыԥқәагьы ԥшаауп, археологиаҿы ишьақәыргыланы иҟоуп. Мелиҭ аҟнытәи иаагоуп ахыбқәа ирықәырҵоз акыцгьы, абарҭ амфорақәагьы. Арахь иаауаз ахәаахәҭыҩцәа амшын аԥыҩ аҟынӡа иааиуамызт, аӷба дуқәа гылан амшын агәаҟны, уахь инарышьҭуан афлыкақәа уаҟа ауп ахәааҭрагьы ахьымҩаԥысуаз. Амфорақәа шәага-загас ирыман, дара рхы ианадырхәалак ашьҭахь иԥырчуан, мамзаргьы амшын иӡаадырҟәрылон. Жәаҳәарада аԥшаахқәа аҵак ду рымоуп", — азгәеиҭеит Сангәлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.