Адлеиба: арепортиор ашәарыцаҩ диҩызоуп
© Sputnik
"Арепортиор ашәарыцаҩ бзиа диҩызоуп, ашәарыцаҩ аԥыхьашәа аниоуа ыҟоуп, иуҳәозар, ила ажьа анакуа ыҟоуп, аха ила ажьа амкыкәа дшашьҭоу дылҭахәаша даманы ианцогьы ыҟоуп. Ажурналистгьы убри диҩызоуп, зны иқәманшәалахоит, аҽазных ҽакала. Арадио аҟны усҟан ҩыџьа-хҩы аус ҳуан, атехника аҽакала иҟан. Алента метрак аҟны хәыџьара –фыџьара аҷабгала еиԥаҳшьуан. Иахьа ҳтәылаҟны арадиоқәа рхыԥхьаӡара иацлеит, урҭ рҟны аус зуа аҿаԥыц зҿоу ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Семион Адлеиба.