"Ашана": Руслан Дорошенко игәабзиара шьақәыргылоуп

Жәаха шықәса зхыҵуа Руслан Дорошенко хәыҷык иҳасаб ала бзиа ибоит аҩра, аԥара, ахәмарра, аха урҭқәа аҳақьымцәа иҟалом рҳәеит, избанзар игәы амалыр аманы диит. Руслан ичымазара ахьӡ ҷыда амоуп: "Тетрада Фалло". Уи амалыр змоу агәы еиҳа иуадаҩу хкны иҟоуп. Ианаамҭо аоперациа ҟаҵамзар, аԥсра ахылҿиаар алшоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7– Sputnik, Сариа Кәарацхелиаԥҳа. Руслан Дорошенко игәы аоперациа азыруит. Уажәы иара иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп лҳәеит афонд "Ашана" адиректор инапынҵақәа назыгӡо Мактина Џьынџьалԥҳа.

Руслан Дорошенко Италиантәи ацхыраара иоуеит

Руслан аоперациа изиуит Томсктәи анаука-ҭҵааратә институт акардиохирург Евгени Кривошьчеков.

"Аоперациа быжьсааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Аҳақьымцәа аиааира ргеит. Уажәшьҭа Руслан Дорошенко иԥсҭазаара шәарҭа амам. Ушьҭарнахыс аоперациа иҭахӡам. Дыбзиахеит" — лҳәеит афонд адиректор.

Руслан иан Лиа Чекориа лажәақәа рыла лыҷкәын зегьы асалам рзааиҭиуеит. Уи игәабзиара шьақәгылоит.

Томск имҩаԥыргаз аоперациа ахә дууп: миллионки 65 нызқь мааҭ иаԥсоуп.

Италиатәи агәыҳалалратә Ассоциациа "Помогите спасти детей (AiutateciaSalvareiBambiniOnlus) ԥшьнызқь евро ашәеит, иаанхаз афонд "Русфонд" иашәеит.