Москватәи Кремль аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит ԥхынҷкәынмзазы

2018 шықәса анҵәамҭазы ихыркәшахоит Москватәи Кремль аиҭашьақәыргылара.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 — Sputnik. 2018 шықәса анҵәамҭазы ихыркәшахоит Москватәи Кремль аиҭашьақәыргылара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри атәы ааицҳауеит апроект анапхгаҩы, аилахәыра "Петербургский ренессанс" адиректор Иван Орынчук.

"Уажәазы Кремль аҭыӡқәеи абаашқәеи реиҭашьақәыргылара иаҿуп 250-ҩык аҟазауаа. Ԥхынҷкәын 15 рҟынӡа зегь хыркәшахоит", — иҳәеит апроект анапхгаҩы, аилахәыра "Петербургский ренессанс", — адиректор Иван Орынчук.

Орынчук иажәақәа рыла аусурақәа аграфик иақәшәоит, реиҳарак ирылгахьеит.

Аҟазауаа ишырҳәо ала аусурақәа рхаҭабзиара ҳаракуп, урҭ уажәшьҭа 25-30 шықәса рышьҭахь ауп аус еиҭанрыдулатәу.