АҞӘА, лаҵара 7 — Sputnik. Владимир Путин Урыстәыла Ахадас дҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Путин иҭоуба анышьҭеиҵа ашьҭахь Урыстәыла Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Валери Зорькин инапаҿы ииркит имаҵзура дшахагылаз шьақәзырӷәӷәо аҳәынҭқарратә дырга ҷыдақәа.
"Урыстәыла ажәлар рҿаԥхьа исыду аҭакԥхықәра бзианы еилыскаауеит, исныруеит", — иҳәеит атәыла Ахада Урыстәыла атәылауаа рахь ихы нарханы.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы имҩаԥысыз алхрақәа рҿы аԥыжәара игеит. Иара изы рыбжьы рҭиит 76,69% алхыҩцәа. Уи иартәеит 56,4 миллионҩык ауааԥсыра.