"Германиагьы капут изаҳҳәараны ҳаҟоуп!": Нурбеи Ҳагба исалам шәҟәы

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аибашьцәеи рҭаацәеи еимаздоз афронт аҟнытә асалам шәҟәқәа ракәын. Sputnik Аԥсны апроект "Асалам афронт аҟнытә" - аибашьцәа ргәы иҵхоз, аҩныҟа ишықәхьааргоз атәы.
Sputnik

Нурбеи Ҳагба диит 1925 шықәса рзы Аҷандара ақыҭан. Аџьынџьтәылатәи еибашьра ианалага 16 шықәса ирҭагылаз Нурбеи афронт ахь ддәықәлеит, аха иқәра аҵанакуам ҳәа дрымгеит. Дхәыҷы аахыс еилҟьа еилӷәыцәаа иҟаз, иҽыбӷаҟазаз нурбеи аҩны дымтәакәан илшоз зегь ҟаиҵон. Анемец фашист Аԥснытәи ашьхақәа рҟынӡа данааӡа, арантәи ар мҩанызгоз дыруаӡәкын Нурбеи Ҳагба. Анаҩс 1942 шықәса рзын 18 шықәса анихыҵ афронт ахь еибашьра дцоит. Аҵыхәтәан иааишьҭыз исалам шәҟәы аҿы ишиҳәаз ала ахәрақәа иман, Чехославакиа дыҟан.

"Сашьцәа саҳәшьцәа, ишәзынасҭиуеит асалам шәҟәы. Ишәыдысныҳәалоит 1945-тәи Ашықәс ҿыц. Исҭахуп шәгәыцқьара аӡбахә саҳар, сара шәсазҵаауазар ишԥашәасҳәари, аԥсуа хаҵа ззырҳәо дшыҟоу саауп. Агвардиеи ауры сир раԥхьа игылоу, пату зқәу ауаа ҳауп. Сара гвардеиски азваниа сымоуп 1944 шықәса апрел мза аахыс. Убри инаркны аԥхьа игылоу ауаа срылоуп. 1945-тәи ашықәсшьы ҳанҭагылеит. Чехиа ахақәиҭра аҳҭеит, Польша, Бессарабиа, Румыниа зегьы зегьы рыԥсы еиқәҳархеит, ҳаибашьит. Германиагьы капут изаҳҳәараны ҳаҟоуп!"
Апрел 3, 1945 шықәса.