Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Аусԥҟа аминистри Аҳәынҭеилакқәа рхантәаҩцәеи рзы

Рауль Ҳаџьымба мшаԥы 30 раахыс 14-ҩык аминистрцәеи, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа хҩыки, Аҳәынҭеилакқәа ԥшьба рхантәаҩцәеи Аминистрцәа Реилазаара ҿыц иалеигалеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 8– Sputnik. Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Аусԥҟа Агәабзиарахьчара аминистри Аҳәынҭеилакқәа рхантәаҩцәеи рзы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Аминистрцәа реилазаараҿ аиҭакрақәа: анапы рыҵаҩуп еиуеиԥшым аусԥҟақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрс дҟаҵоуп 2017 шықәса рашәарамза аахыс аус зуаз Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп 2015 шықәса мшаԥымза аахыс аус зуаз Савелии Ҷыҭанаа.

Аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп 2017 шықәса цәыббрамза аахыс аус зуаз Ҭеимураз Кәакәасқьыр.

Абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп 2016 шықәса нанҳәамза аахыс аус зуаз Баграт Хәытаба.

Рауль Ҳаџьымба мшаԥы 30 раахыс 14-ҩык аминистрцәеи, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа хҩыки, Аҳәынҭеилакқәа ԥшьба рхантәаҩцәеи Аминистрцәа Реилазаара ҿыц иалеигалеит.