АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik. Лаҵарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада имаҵура аанкылара идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада имаҵура аанкылара.
Урыстәыла жәлар иалырхаз аӡбара ҟәыҕа даҽа зныкгьы атәылахьчара зылшо, економикала иҕәҕәоу, иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра аҧхьаҟагьы аҿиара иазку Шәара иазылышәхыз ахырхарҭа агәра шырго шьақәнарҕәҕәоит.
Сгәы иаанагоит ҳтәылақәа ирыбжьоу аидгыларатә усеицуреи аҧхьаҟатәи астратегиатә еиҩызареи Аҧсны адәныҟатәи аполитикаҿы акрызҵазкуа хырхарҭаны иҟоуп ҳәа.
Агәра згоит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада имаҵураҟны шәусура аҧхьаҟагьы ҳажәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи агәреибагареи шьаҭас измоу аҧсны –урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ишацхраауа.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, азин сышәҭозар, ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, иҳараку аҳәынҭқарратә маҵураҟны аихьӡарақәа, Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара".
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы имҩаԥысыз алхрақәа рҿы аԥыжәара игеит. Иара изы рыбжьы рҭиит 76,69% алхыҩцәа. Уи иартәеит 56,4 миллионҩык ауааԥсыра.