Арадио

Сақаниаԥҳа: сабду ҩаха-ҩымш аԥсцәа дрылажын

Аиааира Ду 73 шықәса ахыҵра аламҭалаз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Риҵа Сақаниаԥҳа Аибашьра Дуӡӡа иалахәыз лабду Џьота Џьапуа иҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит.
Sputnik
Сақаниаԥҳа: сабду ҩаха-ҩымш аԥсцәа дрылан ажраҟны

"Сабду еибашьра данцоз Ҭхьынантә хҩыкны еиццеит. Иара иаԥхьа егьырҭ аҩыџьагьы хынҳәхьан. Сабду иаҳәшьцәа ихынҳәхьаз ргәылацәа руаӡәык, рашьа ихабар идыруазар ҳәа иазҵааит. Убасҟан иҳәеит аибашьраҿы ишеицаз, аха дҭахагәышьеит, снапала анышә дамаздеит ҳәа. Еишәа маҭәа кҿаҵаны, рашьа изы ирықәыз аҵас ҟарҵеит. Ҩынҩажәа мшы азгәарҭахьан сабду даныхынҳәуаз аҩныҟа. Керчь аибашьра ӷәӷәа цон, сабду ҩаха-ҩымш аԥсцәа дрылажын. Иара иԥсы даԥшәымахеит адгьыл шҵысуаз збаз медеҳәшьак", — лҳәеит  Сақаниаԥҳа.