АҞӘА, лаҵара 8, Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны "Аҟәатәи аҩра" адгылара анаҭеит. Аҩра азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амшныҳәа.
"Ауснагӡатә алахәхарала аспортсменцәа афырхацәа ргәалашәара азгәарҭеит. Ҳара уи адгылара аҳҭоит. Аиааира ду иалҵшәаны иҟо згәы бзио, насыԥ змо абиԥара-ҿа реиҵааӡароуп", — иҳәеит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба.
Лаҵара 6 рзы Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы 500-ҩык инарзынаԥшуа хәыҷи дуи рҽаладырхәит "Аҟәатәи аҩра".
"Ҳара зегьы иаҳхықәку апатриотра злааӡо абиԥара рыҟазаароуп. Амаҵзура Sputnik иалнаршоит ҳидеиақәа ауаажәларра рацәа рызнагара" — иҳәоит атриатлон Аԥснытәи Афедерациа апрезидент Борис Барцыц.
Sputnik (sputniknews.com) — жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатәи аинформациатәи хабқәа амоуп. Sputnik ашҟа иаҵанакуеит асаитқәа, арадиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәа, иара убас, асоциалтә каҭақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik, англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла иҭыҵуеит. Sputnik асаитқәа аԥхьаҩ идыргалоит: авидео, аинфографика, афоторепортаж, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Аоперативтә жәабыжьқәа рыдагьы Sputnik иакьыԥхьуеит аналитикатә материалқәа, аексклиузив интервиуқәа.
Sputnik Аԥсны аусура хацнаркит 2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Амаҵзура активқәа ирыҵаркуеит аԥсышәалеи урысшәалеи имҩаԥысуа аинформациатә портал, арадио, амультимедиатә пресс-центр.
Sputnik Аԥсны ареспубликаҿтәи аинтернет АИХ-қәа рыбжьара аԥыжәара амоуп.