Арадио

Ҵәыџьба: Аиааира Ду амш ныҳәаз апарад амҩаԥгара ҳазыхиоуп

Аиааира Ду амш иазку апарад аҽазыҟаҵара ҳалагахьан мызкы шагыз, азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба ҭелла даниҿцәажәоз.
Sputnik
Ҵәыџьба: Аиааира Ду амш ныҳәаз апарад амҩаԥгара ҳазыхиоуп

"Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иаҳзаанагаз ацәгьара атәы аадыруеит, ари акыр зҵазкуа мшуп зегьы ҳзы. Атәылахьчара аминистрра мызкы шагыз аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагьахьан. Аҵыхәтәантәи аҽызаҟаҵараан ахәшьара бзиа ҳауит, апарад ҳазыхиоуп. Маи 9, асааҭ 12 рзы, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ацәаҳәа ҳақәгылоит. Аԥсны арбџьарымчқәа рырхәҭақәа адагьы, апарад иалахәхоит Урыстәылатәи абыжьбатәи абаза архәҭагьы, зынӡа иааидкылан 500-ҩык инарзынаԥшуа аруаа апарад иалахәхоит", — азгәеиҭеит Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.